Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿы имҩаԥысит Урыстәылантәи рколлегацәеи дареи реиԥылара.
Аиԥылара атема — ауаажәларратәи агуманитартәи проектқәа рынагӡара аганахьала аԥышәа аимдара, иара убас еицырзеиԥшу аԥшьгарақәа рылацәажәара.
Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла АП алахәыла Екатерина Колотовкина Арратә операциа ҷыдаҿы иҭахаз ранацәеи рыҳәсеи ирызку апроект ӡырылгеит.
"Сара издыруеит, заҟа иус дуӡӡоу ара имҩаԥыжәго. Сгәы иаанагоит афронт аҟынтәи ихынҳәуа шыҟазааша, ареабилитациа шырзыҟаҵатәу, зԥацәа зцәыӡыз анацәа, зхацәа зцәыӡыз аҳәсеибацәа рыгәқәа шырҭынчтәу азы шәԥышәа шәымдара акраҵанакып ҳәа", —азгәалҭеит лара.
Уаҳа ахаангьы забацәа збараны иҟам ахәыҷқәа рреабилитациа иазырхоу аусура даара акрызҵазкуа усуп ҳәа ацылҵеит Колотовкина. Лара илҳәеит лыԥшәма Аԥсны аҭынчреиҿкааратә мчқәа дрылахәны дшыҟаз. Иахьа, 23 шықәса зхыҵуа лыҷкәын АОҶ далахәуп.
Аԥсны Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычԥҳа илҳәеит аусеицура дшазыхиоу, иҭахаз рыуацәа рреабилитациагьы уахь иналаҵаны.
Лара иара убасгьы иазгәалҭеит аиԥылараҿы ишьҭыху атема 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан ацәыӡ дуқәа зауз аԥсуа жәлар даара ишырзааигәоу.
Ауаажәларратә палата алахәылацәа асасцәа ирзеиҭарҳәеит Аԥсны ЖәРЕ аҭоурыхи аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа хьанҭазы аҳәса ррольи, иара убас иҭахаз рыуацәа адгылара рыҭара иазку апроектқәа рынагӡара аҵак ду шамоу. Иара убасгьы, иазгәарҭеит атрагедиатә хҭысқәа ирызку аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара аҵаки Аԥсны ажәлар ақырҭуа ган ареспубликаҿы аибашьра ҿыц ахацыркра аҽазышәарақәа ирцәызыхьчаз урыстәылатәи абжьаҟазаратә мчқәа рроль дуи.
Урыстәыла Ауаажәларратә палата алахәыла Александр Луконин ажәалагала ҟаиҵеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Урыстәыла иалҵыз, ара иҭахаз ирызку агәалашәаратә хәылԥазқәа Урыстәыла ашколқәа рҿы рымҩаԥгара иадҳәалоу атема аус адулазарц.
"Ҳәарада, ҳара ас еиԥш иҟоу апроектқәа ҳрыдгылоит, избанзар афырхацәа ргәалашәара анаунагӡатәра ҳара иеицаҳзеиԥшу уалԥшьоуп", — лҳәеит Кьычԥҳа.
Ауаажәларратә проектқәа рзы Урыстәыла ахада Иусбарҭа аконсультант Лариса Хлопотина лакәзар илҳәеит Урыстәыла ахә ҳаракны ишыршьо Аԥсны АОҶ ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҿы иқәгылоу ауснагӡатәқәа рыӡбараҿы иҟанаҵо алагала.
Post #21555
27