Аҩны ашәқәа рыбжьара ихыршьуаз — ахаршә.
1912 шықәсазы Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан ииз Гәлиа-Смыр Кристина Сулеиман-иԥҳа анаплыхқәа ҟазҵоз еицырдыруаз ԥҳәысын. Уи лнапкымҭақәа рҟынтәи иреиӷьӡаз амузеи иалҭеит Дали Смыр, абри атәы лҳәеит Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
Аҟаза лнаплыхқәа амузеи афонд аҟны иҵәахуп.
🖇 Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иазку Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи аартын 1994 шықәсазы. Иахьа Гәдоуҭатәи амузеи азалқәа 8 рыла ишьақәгылоуп.
#social
Post #21581
26