Аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" ахь азыҳәақәа рыдкылара хыркәшоуп.
Асоциалтә ҵакы змоу апроектқәа агранттә цхыраара рыҭара аконкурс ахь инашьҭын 173 зыҳәа.
Ареспубликаҿы иҟоу икоммерциатәым аиҿкаарақәа рзы Аҟәа асеминар мҩаԥыргеит, Аԥсны араионқәа зегьы рҟны апроекттә ҟазарҭақәа 7, хазхаҭалатәи аиҿцәажәарақәа 400 рҟынӡа.
Аиааира згаз рыларҳәоит абҵарамзазы, адгылара змоу аԥшьгарақәа рынагӡара хацыркхоит ԥхынҷкәын 1 инаркны.
Аицлабра мҩаԥысуеит Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд ахарџь ала. Аоператор — асоциалтә технологиақәа рцентр "Гарант".
🖇 Аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" аҩбатәи асезон ахь азыҳәақәа рыдкылара иалагеит цәыббра 1 азы, ихыркәшахеит жьҭаара 16 рзы.
Post #21584
16