TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 593 subscribers
Post #21586 14
Аԥсны агәҭылса: Риҵатәи амилаҭтә парк 30 шықәса ахыҵуеит.

Риҵатәи амилаҭтә ареликттә парк еиҿкаан жьҭаара 17, 1996 шықәсазы аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны.

Аӡиа Риҵа шьақәгылеит 400 шықәса раԥхьа иҟалаз адгьылҵасра иабзоураны. Иара шьҭоуп амшын аҟынтәи 950 метра аҳаракыраҿ. Риҵатәи амилаҭтә ареликтә парк ахь аӡиа Риҵа адагьы иаҵанакуеит аӡиа Иаҵәа, Иаӷьа аӡхыҽҽа, Риҵа Маҷ, аӡиа Мзы, Ауадҳара аԥшаҳәаҿы иҟоу аӡцәыцәы, аӡиасқәа Бзыҧ, Иаӷьа, Ҩыԥсара реиҩхаа ҭшәақәа.

Риҵатәи апарк ӡынгьы ԥхынгьы асасцәа рацәаҩны иаҭаауеит. Аҭыԥантәи ауааԥсыра ракәзар Аԥсны аҭыԥқәа иреиӷьаршьоит.

Риҵатәи амилаҭтә парк 30-тәи ашықәсқәа инадыркны 20-тәи ашәышықәса анҵәамҭанӡа иҳәырԥсарран. Апарк 390 километр ԥшьыркца амҽханакуеит, Урыстәылатәи Афедерациа Аахыц Кавказ амилаҭтә паркқәеи аҳәырԥсаррақәеи Рассоциациа иалоуп.

Аӡиа Риҵа — Кавказ иҟоу аӡиа ԥшӡақәа ируакуп. Уи ақәыԥшылара амҽхак 1.27 метр ԥшьыркца артәоит. Аура — 2490 инаӡоит, аҭбаара — 270 инаркны 870 метра рҟынӡа ыҟоуп. Уи 116 метра аҵаулара амоуп.

Аҳәырԥсарра аԥстәқәа рылагьы ибеиоуп. Араҟа иҟоуп — амшә, абгахәыҷы, абынҳәа, ашьабсҭа, аҽацә, уҳәа, иҟоуп даҽаџьара иуԥымло аԥсаатәгьы. Аӡиасқәеи аӡиақәеи беиоуп акалмаҳала. Ашәаԥыџьаԥ акәзар иазҳауеит хкы рацәала, иҟоуп ашә, аџь,ахьаца уҳәа егьырҭгьы.
#social
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 17, 2026Аҭҵаарадырратә лабораториа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Ақыҭанхамҩа аинститут аҿы иаԥыр…
  2. Oct 17, 2026Аԥсны атәылауаа рзинқәа рыхьчара азҵаарақәа рзы Урыстәылеи ҳареи ҳаиҿцәажәарақәа ирыцаҳҵои…
  3. Oct 17, 2026Аҳаирхыхьчаратә мчқәа русура иахҟьаны аҳәаахьчаратә ҭыԥ "Ԥсоу" аркра аамҭазы уа иҟоу атәыл…
  4. Oct 17, 2026Аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысуа атәылауаа рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥҵатәуп иҳәеит атәыл…
  5. Oct 17, 2026Аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп иҳәеит Аԥсны АшәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа а…
  6. Oct 17, 2026Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы аушьҭратә лшара 10-нтә аизырҳара ргәы иҭоуп 2028 шықәсазы. Аушьҭы…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →