Аԥсны апаллиативтә цхыраара аҟаҵаразы асистема ашьақәыргылара иацхраауеит урыстәылатәи аҟазауаа.
Sputnik апресс-конференциа аҟны ахосписқәа рыцхырааразы афонд "Вера" аԥҵаҩы, анапхгаҩы, иара убас Жәлар рфронт апроект "Регион заботы" автор, аштаб хада алахәыла Ниута Федермессер иазгәалҭеит, Аԥсны аҭаацәаратә традициақәа аҵак ду ахьрымоу тәылоуп ҳәа. Аха, уи иаанагаӡом ари аҩыза ацхыраара ара иаҭахӡам ҳәа.
"Зхаҭабзиара ҳараку апаллиативтә цхыраара еснагь апациенти иҭаацәеи рҭахрақәа рыҽрықәдыршәоит. Ҳара ҳацхыраарагьы хазхаҭалатәи азнеишьа амазароуп, атәыла алшарақәеи аҭахрақәеи, акультуреи аҭоурыхи рҷыдарақәа рыҽрықәдыршәароуп. Иарбан ҭаацәаразаалакгьы, егьа аҭынхацәа ыҟазаргьы, аҩны ӷәӷәала данычмазаҩу, ма изааигәоу ауаҩы даныԥсуа, уи даара ихьанҭоуп. Уи иахылаԥшуа ауаагьы апрофессионалтә медикцәа рыцхыраара рҭахуп. Аинформациа аҭахуп, иудыруазароуп ацхыраара иахьаҳәатәу, ахьаахҽреи иахәҭоу амаругақәеи шҳауша. Апациент изааигәоу зны- зынла иара ихаҭа иаасҭа ацхыраара рҭахуп", — лҳәеит лара.
Федермессер лгәаанагарала, Аԥсны апаллиативтә цхыраара зегь раԥхьаӡа иргыланы иаарԥшхар ҟалоит иԥсуа ихылаԥшуа аҭаацәеи ауацәеи рыцхыраарала. Урҭ аҩны еиқәыршәатәуп ахылаԥшратә хархәагақәа, ахьаахҽыгақәа, амедусзуҩцәа рыла.
"Иҟаҵатәу, еицыҟаҳҵап ҳәа сгәыӷуеит — раԥхьатәи аусқәа ируакуп ас еиԥш аимадаратә центр, аколл-центр аԥҵара", — лҳәеит лара.
Post #21588
16
