TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21553 27
Апаллиативтә цхыраара аҿиара иалацәажәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи ахосписқәа рыцхырааразы афонд "Агәыӷра" аԥҵаҩы, адиректор, Жәлар рфронт апроект "Аиҷаҳара арегион" автор Ниута Федермессери реиԥылараан.

Аиԥылараҿы иахәаԥшит Аԥсны амедусҳәарҭақәа руак ашьаҭала апаллиативтә цхыраара аҟәша ҷыда аԥҵара, уаҟа еиуеиԥшым ачымазарақәа змоу ауааԥсыра иахәҭоу амедицинатә цхыраареи ахылаԥшреи роур рылшартә еиԥш.

Уи иалнаршоит ҷыдала ахылаԥшра, ахьаа ахгара армариара, аԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәра зызхымԥадатәу апациентцәа комплекстә знеишьала рбара алыршара ҳәа аҳәоит атәыла ахада ипресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Аиԥылара рхы аладырхәит Агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәыниеи аминистр ицхырааҩ Алхас Џьынџьали.

Аҳәынҭқарра ахада Агәабзиарахьчара аминистрра анапынҵа аиҭеит, азҵаара аус адуланы иахәҭоу ажәалагалақәа аздырхиарц агәабзиарахьчара асистемеи аԥсуа жәлар рменталитети рҭахрақәа ҳасаб рзуны.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 16, 2026Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра пермтәи аклиника "Лингва Бона" аус ацуразы амеморандум р…
  2. Oct 16, 2026Аԥснытәи ажурналистцәеи аблогерцәеи апроект "ИнтерНовости" ахыркәшаратә хәҭа иалахәын. Иар…
  3. Oct 16, 2026Аԥсны ихыркәшахеит акомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба инапхгарала Арбџьармчқәа мҽхакы ҭбаала…
  4. Oct 16, 20262026 шықәсазы апроект Sputnik Pro афиналтә модуль мҩаԥысит Москва. "Sputnik Pro Зубовски"…
  5. Oct 16, 2026Гәдоуҭа араион атуристтә ҭыԥқәа рыҿиареи атуристтә занааҭ азы алшарақәа ралкаареи ирылацәа…
  6. Oct 16, 2026"Зегь реиҳа исгәаԥхеит апрактикатә хәҭа". Аԥсныпресс акорреспондент Аманда Касланӡиаԥҳа еи…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →