TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21571 13
"Зегь реиҳа исгәаԥхеит апрактикатә хәҭа".

Аԥсныпресс акорреспондент Аманда Касланӡиаԥҳа еиҭалҳәеит Москва иҟоу Sputnik Pro аҵаратә проект 16-тәи амодуль алахәхара аихшьаалақәа ртәы.

Апрограмма, лара лажәақәа рыла, ажурналистцәа реиԥш, уи иадҳәалоу азанааҭқәа рхаҭарнакцәагьы рзы ихәарҭахар алшоит. Алекциақәа рыдагьы, апрактика ахшыҩзышьҭра ду арҭоит.

"Избанзар уажәы аамҭа ыҟоуп, зегьы аинформациатә дәы аҿы аус руеит — ажурналистцәа ракәзааит, аблогерцәа ракәзааит, ауаажәларратә усзуҩцәа ракәзааит. Урҭ зегьы анс акә, арс акә амедиасфера иадҳәалоуп. Ажурналистцәа, еиҳарак Sputnik ажурналистцәа, рхы иадырхәаша знеишьақәак ибзианы ахархәара роуеит, рконтент еиҳа ирдырларц, ирыладырҵәарц азы", — ҳәа азгәалҭеит Касланӡиаԥҳа.

Еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи алахәылацәа аимадарақәа шьақәдыргылеит, адыррақәеи аԥышәеи еимырдоит, лҳәеит Аԥснытәи ажурналист.

Жьҭаарамзатәи апрограмма Sputnik Pro иалахәын Аԥсны, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Кыргызсҭан, Таџьикистан, Узбекистан, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи ажурналистцәа, аблогерцәа, SMM, PR-специалистцәа.

🖇 "SputnikPro Зубовски" — ааигәатәи аҳәаанырцәи Балтиеи атәылақәа рҿы амультимедиатә центрқәа Рдирекциа апроект ИАР атәылақәа ржурналистцәа рзы.

Апрограмма мҩаԥысуеит 2023 шықәса раахыс. Ари аамҭа иалагӡаны имҩаԥысит 16 модуль, урҭ ирылахәын аҳәаанырцә ааигәа атәылақәа 11 рҟынтәи 192-ҩык азыӡырҩцәа.
Telegram Sputnik Абхазия "Больше всего понравилась практическая часть". Корреспондент "Апсныпресс" Аманда Касландзия рассказала об итогах участия в 16-м модуле образовательного проекта Sputnik Pro в Москве. Программа, по ее словам, может быть полезна как для журналистов, так…
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 16, 2026Аԥсны ихыркәшахеит акомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба инапхгарала Арбџьармчқәа мҽхакы ҭбаала…
  2. Oct 16, 20262026 шықәсазы апроект Sputnik Pro афиналтә модуль мҩаԥысит Москва. "Sputnik Pro Зубовски"…
  3. Oct 16, 2026Гәдоуҭа араион атуристтә ҭыԥқәа рыҿиареи атуристтә занааҭ азы алшарақәа ралкаареи ирылацәа…
  4. Oct 16, 2026Аԥсни Урыстәылеи еиднаҳәалоит азеиԥш ҭоурыхи шықәсырацәалатәи аиҩызареи ҳәа азгәеиҭеит Рос…
  5. Oct 16, 2026Ҟабарда-Балкариа ахада Казбек Коков аԥсны-урыстәылатә ҿартә форум алахәылацәа ашәҟәы рзына…
  6. Oct 16, 2026Аинфраструктуреи ауаажәларратә транспорт асистемеи рыҿиарада Аҟәа амашьынақәа рхыԥхьаӡара…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →