Ҟабарда-Балкариа ахада Казбек Коков аԥсны-урыстәылатә ҿартә форум алахәылацәа ашәҟәы рзынаишьҭит.
Атекст даԥхьеит ҞБА аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Залим Кашироков.
"Иахьатәи афорум аҿы бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳәара гәык-ԥсыкала сеигәырӷьоит, уи традициа бзианы аҟалара гәазырҳагоуп. Уажәааигәа Нальчик ақалақь аҿы гәахәарыла аҿар ҳадаҳкылон. Уажәы акрызҵазкуа ари ҳадиалог аестафета Аҟәаҟа ииасит", — ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҿы.
Казбек Коков иара убасгьы иазгәеиҭеит, афорум еихдоу аформат ареспубликақәа рыбжьара аусеицура арҿиара ишаҿу, аҿар реимадарақәа шыӷәӷәахо аазырԥшуа иреиӷьу рбаганы ишыҟоу.
Post #21569
12