Аинфраструктуреи ауаажәларратә транспорт асистемеи рыҿиарада Аҟәа амашьынақәа рхыԥхьаӡара ҩынтәны еизҳауеит 2040 шықәса рзы ҳәа иԥхьаӡоит Innova transport адиректор хада Алексеи Смирнов.
Афирма ицәырнагеит 2040 шықәсанӡатәи Аҟәа атранспорттә система аҿиара астратегиа.
Иара иажәақәа рыла, уажәы аҳҭнықалақь аҿы зықьҩык 330 рҟынӡа машьына рықәшәо иҟоуп. Ауаажәларратә транспорт зхы иазырхәо 26% ақалақьуаа роуп, 56% хатә машьынак иадамхаргьы ирымоуп. 2040 шықәсазы атранспорттә ҟазаратә-план маншәаланы анагӡараан арбагақәа ыҟазароуп — хҭысцыԥхьаӡа 50% инареиҳани, 50% инареиҵани.
Азҵаара аӡбаразы аекспертцәа ажәалагала ҟарҵоит ашьаҟауааи, ашьаҟамҩақәеи ршәарҭадаратә системақәа аԥҵазарц, ауаажәларратә транспорт аинфраструктура рҿыцзарц уҳәа убас иҵегьы.
Смирнов иазгәеиҭеит Аҟәа атранспорттә коллапс азҵаара аӡбаразы иназыцҵоу знеишьаны иҟалар шалшо ақалақь зегь реиҳа активра злоу амҩадуқәа рҿы зыхә шәатәу амашьынаргыларҭақәа.
Иара убас, ашьаҟамҩақәеи, ашьаҟамҩатә цәаҳәақәеи, амҩеихысырҭақәеи рҿы амашьынаргыларҭатә ҭыԥқәа рыԥкра, амашьынаргыларҭатә зона ҿыцқәа раԥҵара, асоциалтәи аҵаратәи усҳәарҭақәа рҿы аамҭакьаҿлатәи амашьынаргыларҭақәа реиқәыршәара рзы ажәалагала ҟаҵоуп.
Астратегиа аус адулара иалахәын Аҟәа ахадара, аҳҭнықалақь ақалақьтә еизара, Аԥсны Аминистрцәа реилазаара.
Post #21568
11