Аԥсни Урыстәылеи еиднаҳәалоит азеиԥш ҭоурыхи шықәсырацәалатәи аиҩызареи ҳәа азгәеиҭеит Росмолодежи анапхгаҩы Григори Гуров, аԥсуа-аурыс ҿартә форум алахәылацәа рахь иҟаиҵаз ааԥхьараҿы.
Иара иҟаиҵаз адныҳәалара даԥхьеит Аԥсны иҟоу ААРА ахаҭарнакра аиҳабы Иулиа Красцова.
"Арҭ аизыҟазаашьақәа еиҵагыло абиԥара ирыбзоураны иӷәӷәахарц акраҵанакуеит, ҳтәылақәа рҿы иҟоу аҿар, аицәажәареи, аԥышәа аимдареи, еицырзеиԥшу аԥшьгарақәа рынагӡареи рзы еиҳа алшарақәа рымазарц", — ҳәа аҳәоит ааԥхьараҿы.
Гуров иара убасгьы иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны аҿар рыҿиаразы алшара ҿыцқәа шцәырҵыз, аҩ-тәылак рыпроектқәеи раԥшьгарақәеи ирыбзоураны.
Афорум аартра аофициалтә церемониа ашьҭахь, Аԥсни Ҟабарда-Балкариеи рвокалистцәеи рыкәашаратә коллективқәеи злахәыз аконцерт мҩаԥысит.
Post #21570
8