TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21554 29
Аҟәатәи Жәларбжьаратәи аинформациа-технологиатә форум иалнаршоит Аԥсны IT-еилахәырақәа раалыҵқәа рылацәажәара, рԥышәа рколлегацәа рыцеиҩшара ҳәа рыԥхьаӡоит алахәылацәа.

Ареспублика StemLab актәи IT-школ адиректор Алмасхан Марколиа иажәақәа рыла, акадрқәеи афинансқәеи разымхара аамҭазы IT-технологиақәа апроблемақәа жәпакы рыӡбара рылшоит.

"Ҳара даара ҳаигәырӷьоит ас еиԥш иҟоу IT-форум аҽалархәра. Сара сгәы излаанаго ала, ари азҵаара иалацәажәатәуижьҭеи акрааҵуеит. Аԥсны иҟоуп IT еилазаара, иҟалап уи уаанӡа хаз-хазшәа иҟазар, аха ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа ари аусхк алахәылацәа хымԥада еиднакылоит", — иҳәеит иара.

Амобилтә операторцәа руак ицәырнагеит ацифратә сервисқәеи иццаку аинтернет 5g-и. Аилахәыра апиар-ҟәша анапхгаҩы Асҭанда Ҷкадуаԥҳа иазгәалҭеит афорум аԥыжәара шамоу ишиашоу аклиент иҿцәажәара алыршараз.

Аалыҵқәа ӡырнагеит аинтернет-проваидерқәа руак. Уахь иаҵанакуеит АТи асмартфонқәеи рзы ацҵа –урысшәалеи аԥсышәалеи онлаин кинотеатри апроект "Ишәарҭадоу ақалақьи".

"Ҳколлегацәеи ҳареи иҳамоуп алшара ара уажә ирыдаагало ҳапроектқәа ртәы асасцәа рыдагьы ареспублика астудентцәеи ауааԥсыреи рзеиҭаҳәараз", — ҳәа азгәалҭеит аилахәыра аӡыргареи амаркетинги рыҟәша анапхгаҩы Сариа Касланӡиаԥҳа.

🖇 Раԥхьатәи Аҟәатәи Жәларбжьаратәи аинформациа-технологиатә форум мҩаԥысуеит Аԥсны жьҭаара 16-18 рзы, уи иалахәуп 300-ҩык инареиҳаны, Урыстәыла арегионқәеи Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи рҟынтәи ахаҭарнакцәагьы уахь иналаҵаны.

Аҟәатәи Жәларбжьаратәи аинформациатә форум — еихдоу Урыстәылеи Аԥсни рфорум аҩбатәи аетап иахәҭакуп.

#social
Telegram Sputnik Абхазия Сухумский международный информационно-технологический форум позволяет IT-компаниям Абхазии рассказать о своих продуктах и поделиться опытом с коллегами, считают участники. По словам директора первой IT-школы республики StemLab Алмасхана Марколия в условиях…
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 16, 2026Белгородтәи аобласт агубернатор Александр Шуваев Аԥсны ахада Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа иеиҳә…
  2. Oct 16, 2026Сынтәа, ажьырныҳәамза инаркны иахьа уажәраанӡа Афонҿыцтәи аҳаԥы 311 нызықьҩык ауааԥсыра аҭ…
  3. Oct 16, 2026Алиса Гыцԥҳа V Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра-лабораториа алауреатцәа рылаҳәоуп. Сынтәа…
  4. Oct 16, 2026Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра пермтәи аклиника "Лингва Бона" аус ацуразы амеморандум р…
  5. Oct 16, 2026Аԥснытәи ажурналистцәеи аблогерцәеи апроект "ИнтерНовости" ахыркәшаратә хәҭа иалахәын. Иар…
  6. Oct 16, 2026Аԥсны ихыркәшахеит акомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба инапхгарала Арбџьармчқәа мҽхакы ҭбаала…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →