TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21557 28
22 нызқь тонна рҟынӡа ацитрустә шәырқәа аԥснынтәи аҳәаа иахыргеит жьҭаарамза аҽеиҩшамҭазы ҳәа иҳәеит Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Ҳагәышь ацитрустә аамҭахәҭа аҽазыҟаҵаразы Аминистрцәа реилазаараҿы имҩаԥысуаз аилацәажәараҿы.

Урҭ рҟынтәи 17,8 нызқь тонна — мандариноуп, 4 нызқь — лимонуп.

2026 шықәса раахыс аҭыԥантәи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аекспортиорцәа аҳазалхратә еизга ашәара аҟынтәи рхы иақәиҭтәуп.

Аҳынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа иара убасгьы иазгәеиҭеит, аԥснытәии урыстәылатәии агани аҳазалхратә хылаԥшра алҵшәақәеи наҟ-ааҟ реицазхаҵаразы аиқәшаҳаҭра ишалнаршо агәаҭарақәа рырыҩбара аркьаҿра, аҳәаа ахысра арццакра.

Атранспорт оперативла аушьҭразы аҳәааҿы ахархәара рыҭоуп ирӷәӷәоу асменақәа. Аҵиаақәа рчымазарақәа раарԥшраан аспециалистцәа аекспресс-лабораториаҿы аҿырԥштәқәа ранализ мҩаԥыргар рылшоит.

Аԥыза-министр Владимир Делба апрофильтә усбарҭақәа рнапы ианиҵеит амаҵзурақәа еиқәшаҳаҭны русура алдыршаларц, аалыҵ алгараан иҵаҵӷәыдоу ашәарақәеи иԥсабаратәым аиҵахарақәеи алдмыршаларц.

🖇️ Цәыббра 25 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилаки Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә маҵзуреи рнапы аҵарҩит аҳазалхратә хылаԥшра алҵшәақәа електронтәхкыла наҟ-ааҟ разхаҵаразы аԥкаанҵа.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 16, 2026Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра пермтәи аклиника "Лингва Бона" аус ацуразы амеморандум р…
  2. Oct 16, 2026Аԥснытәи ажурналистцәеи аблогерцәеи апроект "ИнтерНовости" ахыркәшаратә хәҭа иалахәын. Иар…
  3. Oct 16, 2026Аԥсны ихыркәшахеит акомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба инапхгарала Арбџьармчқәа мҽхакы ҭбаала…
  4. Oct 16, 20262026 шықәсазы апроект Sputnik Pro афиналтә модуль мҩаԥысит Москва. "Sputnik Pro Зубовски"…
  5. Oct 16, 2026Гәдоуҭа араион атуристтә ҭыԥқәа рыҿиареи атуристтә занааҭ азы алшарақәа ралкаареи ирылацәа…
  6. Oct 16, 2026"Зегь реиҳа исгәаԥхеит апрактикатә хәҭа". Аԥсныпресс акорреспондент Аманда Касланӡиаԥҳа еи…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →