🍊 Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ацитрустә шәырқәа рзы иреиҵаӡоу аахәаратә хәыԥсақәа шьақәнаргылеит.
Ақәҵара инақәыршәаны ахәԥса иартәоит:
45 мааҭ — кьылак амандаринқәеи апатырқалқәеи рзы
42 мааҭ — кьылак алимон азы
10 мааҭк — кьылак истандартым ашәыр азы.
Аҳәынҭқарратә наплакқәа иарбоу ахәԥсақәа иреиҵамкәа ашәыр рҭиуазароуп ҳәа аҳәоит Аминистрцәа реилазаара ақәҵара. Ақыҭанхамҩа аминистрреи араионқәа рхадарақәеи рнапы ианҵоуп, аҳәынҭқарратә наплакқәеи ауааԥсыреи ацитрусқәа реингалареи рыҭиреи рзы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргарц.
Post #21516
25