TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21507 31
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә университети аусеицуразы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра — аҵарауаа ҿарацәа реизҳараҿы имаҷымкәа алшарақәа ҳнаҭуеит ҳәа иԥхьаӡоит аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа.

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи урыстәылатәи аҵарауааи, урыстәылатәи ацентрқәеи аусеицуразы еиуеиԥшым аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьоуп иҳәеит Џьапуа.

"Иҟоуп аиқәшаҳаҭрақәа акыр ибзианы аус зуа, иҟоуп аиқәшаҳаҭрақәа иҵегь ибзианы аус рундаз ҳәа ззуҳәаша. Егьа ус акәзаргьы, абас еиԥш аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа - ихадароу мҩаны ҳахәаԥшуеит. Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә университет ахырхарҭақәа рацәаӡом, аха зегь раԥхьа исыргылоит - акадрқәа рааӡара", — иҳәеит аҵарауаҩ.

🖇 Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуеи Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә университет аректор Андреи Хазини. Уи адагьы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети урыстәылатәи аҵараиурҭеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
#social
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 15, 2026Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба зымҽхак ҭбаау аоператив-тактикатә ҽазыҟ…
  2. Oct 15, 20262027 шықәсазы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 30 шықәса ахыҵуеит. Аныҳәахь асасцәа ааԥхьах…
  3. Oct 15, 2026Дыҟамзар ҟалап ацуфарақәа рыӡбахә змаҳац. Дара афольклортә жанрқәа иреиуоуп. Ажәытәӡатәи а…
  4. Oct 14, 2026Быжьҩык урыстәылаа ааха роуит Ҭырқәтәыла иҟалаз амҩатә машәыр аан, абри атәы аанацҳауеит Р…
  5. Oct 14, 2026Киев иахьа Саратовтәии Риазантәии аобластқәа рҿы анефҭзауадқәа иажәлеит иҳәеит аԥыза-минис…
  6. Oct 14, 2026Аԥҳәызба лыԥшӡара иахҳәаау афразеологизмқәа: 🔸 Мрада дкаԥхоит. 🔸 Мзада дкаҷҷоит. 🔸 Цәым…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →