Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Урыстәыла аҳәынҭқарратә социалтә университети аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә университети аректор Андреи Хазин иажәақәа рыла, 2027 шықәсазы иреиҳау аҵараиурҭа аԥснынтәи абитуриентцәа аквоттә ҭыԥқәа жәаба рырҭоит, урҭ рыхәҭак ауниверситет аҟны иҟоу аколлеџь аҿы аҵараҵаразы.
Иара убас, аректор иажәақәа рыла, аԥснынтәи еиуеиԥшым ахырхарҭақәа змоу аҵарауаа ҿарацәа адиссертациақәа рыхьчаразы ацхыраара рыҭахоит.
Хазин иазгәеиҭеит Аԥсны ҷыдала дшазыҟоу, игәалаиршәеит 2008 шықәсазы Афедерациа Ахеилак адепутатс иҟазаараан ареспублика ахьыԥшымра азхаҵаразы ибжьы шаиҭиз.
ААУ аректор Алеко Гәарамиа иазгәеиҭеит, ауниверситетқәа русеицура акрызҵазкуа шьаҿоуп ҳәа.
Уи аԥхьа, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә университети аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Post #21502
30
