2021 шықәсанӡа Аԥсны иҭыҵуаз аерман газеҭ "Амшен" актәи аномер ҭыҵит жьҭаара 15, 1991 шықәсазы.
Аԥҵаҩыс, редактор хадас, лассы-лассгьы аматериалқәа равторс дыҟан апоет, ажурналист Артавазд Сарециан.
Агазеҭ актәи аномер зегьы ерман бызшәала иҟан, Еревантәи атипографиаҿы иҭыҵит. Ашьҭахь уаҟа иркьыԥхьуа иалагеит аерман авторцәеи аԥсуа авторцәеи, апоетцәеи, ашәҟәыҩҩцәеи, иркьыԥхьуан аԥсуа рҿиамҭақәа реиҭагақәа, ицәырҵуан абаҩхатәра ҿарацәа рыхьӡқәа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан иҭыҵит агазеҭ аԥшьбатәи аномер. Астатиа "Ианбанӡа еилабгоу ҳаҩны?" авторцәа афронт аҿы иҟаҵәҟьаз аҭагылазаашьа, ареспублика апозициа, аерман диаспора ахьынхоз ақыҭақәа рҿы арҳәрақәеи аиларбгарақәеи ртәы еиҭарҳәон.
Агазеҭ аҭоурых атәы еиҳа инарҭбааны Sputnik аматериал аҿы.
#social
Post #21522
22