Аҟәатәи аҳаиргәыԥ аҳаирӷбамҩангаҩ Надежда Курченко дҭахеит жьҭаара 15, 1970 шықәсазы.
Аҳаирплан Ан-24 Баҭым — Аҟәа — Краснодар ареис нанагӡон. Уи рымпыҵархаларц рҽазыршәеит атеррористцәа, аби аԥеи, Пранаси Альгирдаси Бразинскасаа.
19 шықәса зхыҵуаз аҳаирӷбамҩангаҩ рыдҵа анагӡара мап ацәкны аҳаиртә ӷбаҿ аҭагылазаашьа акомандир иалҳәеит, уи азы илеихсны дыршьит.
Ари ахҭыс ажәлар ирылаҵәеит, аҭоурых ианылеит СССР аҿы раԥхьатәи қәҿиарала апассаџьыртә ӷба ампыҵахалареи аҳәаанырцәҟа амҵарсреи, амҵарсыҩцәа рнапаҟынтә иҭархаз раԥхьатәи аекипаж алахәылеи ҳәа.
Агәымшәареи афырхаҵареи рзы Надежда Курченко данҭаха ашьҭахь иланашьахеит Абираҟ Ҟаԥшь орден. Лара анышә дамардеит Аҟәа, иахьа уажәраанӡа лыхьӡ зху апарк аҟны. Данҭаха ашьҭахь 20 шықәса ааҵуаны, 1990 шықәсазы Курченко лыԥсыбаҩ лан лҭаххарала Удмуртиаҟа ииаргеит.
#social
Post #21519
28