Апансионат "Литфонд" аус ауеит аԥсшьараамҭахәҭа аизырҳаразы, иааизакны Аԥсны атуристтә дгалара аиӷьтәразы ҳәа азиԥхьаӡоит атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа.
"Сара сгәы излаанаго ала, ари акомплекс ииашоу ахырхарҭала иҿиоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Литфонд" анагӡаратә директор Мирон Малиа иажәақәа рыла, анаплакы аиҭарҿыцра иалагеит 2016 шықәса раахыс "Росатом" иҟанаҵаз адгылара иабзоураны.
Араҟа аинфраструктура дырҿыцуеит, Аԥсны зегь реиҳа еицырдыруа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа руак атрадициақәа еиқәырханы.
🖇️ Апансионат "Литфонд" 75 шықәса ахыҵуеит. Асовет аамҭазы араҟа рыԥсы ршьон, арҿиара рнапы алакын аишьцәа Ваинераа, Иулиан Семионов, Михаил Булгаков, Белла Ахмадулина, Евгени Евтушенко, Роберт Рождественски, Андреи Вознесенски, Андреи Дементиев, Чингиз Аитматов.
#social
Post #21523
25