Дыҟамзар ҟалап ацуфарақәа рыӡбахә змаҳац. Дара афольклортә жанрқәа иреиуоуп. Ажәытәӡатәи абырзен философ Аристотель ацуфарақәа дрыхцәажәо иҳәахьан "ацуфарақәа ибзиаӡаны еиқәыршәоу метафороуп" ҳәа.
Иахьатәи аамҭазы атрадициатә цуфарақәа ажәлар ргәалашәараҿы иаанханы иҟоуп, аҿар рааӡаразы, изызҳауа ауаҩы ихшыҩ арҵарразы рхы иадырхәалоит.
Ацуфара иаԥызҵаз ажәлар рыԥсҭазаара, рыбзазара аныԥшуеит:
▫️Аӡыла еимхәыц амҿлых Анцәа иҟаиҵеит, ауаҩы ирбгеит. (Ажь)
▫️Шьапы заҵә мгәаду. (Аԥҳәлаҟәа)
▫️Зцәа ҩоу, згәы аӡоу, зыԥҳа дхагоу. (Аӡахәеи аҩи)
▫️Амхы еиқәа аандаш. (Алуи ашылеи)
Ҭагалантәи аԥсҭазаара — аматериал аҟны.
#social
Post #21508
24