2027 шықәсазы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 30 шықәса ахыҵуеит.
Аныҳәахь асасцәа ааԥхьахоит, аусеицуразы аиқәшаҳҭрақәа еиҭарыхәаԥшхоит, анаҩс ариашарақәеи аҿыцрақәеи алагалахоит ҳәа иҳәеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа.
Аҵарауаҩ иажәақәа рыла, ааигәа иара далахәын Ҭаҭарсҭан Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 35 шықәса ахыҵра азгәаҭара. Уаҟа аныҳәа амҩаԥгашьа акырӡа саҿыԥшуан, уи ҳара ҳаиубилеи аангьы схы иасырхәар сҭахуп ҳәа азгәеиҭеит иара.
🖇 "Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аԥҵаразы" Ақәҵара анапы аҵаҩын ԥхынҷкәынмза 12 1993 шықәсазы, аха атәылаҿы иҟаз аекономикатәии аполитикатәии аҭагылазаашьа хьанҭақәа ирыхҟьаны шықәсқәак рышьҭахь, жьҭаара 30 1997 шықәсазы ауп анагӡара аналыршахаз.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аилазаараҿ иҟоуп: Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, Аекономикеи азини ринститут, Аҟәатәи иаарту афизико-техникатә институт, Агидрофизикатә институт, Аекологиа аинститут, Аексперименталтә чымазареи атерапиеи ринститут, Аботаника аинститут, Ақыҭанхамҩатә институт, А. Кәыџба ихьӡ зху Акурортологиеи итрадициатәым амедицинеи рцентр.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik аҟны.
#social
Post #21509
23