TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21533 16
Аҭагылазаашьа ҷыдакәа рминистрра аусзуҩцәа рымчала, ҳазҭагылоу аамҭаз ицәырҵыр зылшо ашәарҭарақәа ирызку алекциақәеи аинструктажқәеи рымҩаԥгара иалагоит Аԥсны ақыҭашколқәа рҿы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит АҶ рминистр Алиас Аҩӡба.

Уи адагьы, аминистр иажәақәа рыла, аусбарҭаҿ иазԥхьагәаҭоуп ашколхәыҷқәа рзы мацара акәымкәа, атәыла араионқәа руааԥсыра рзгьы, ашәарҭаратә ҭагылазаашьақәа раан ахымҩаԥгашьа иазку аилыркаагақәа разырхиара.

"Заанаҵ ауааԥсыра ргәырҽанҵара, разырхиара, шьаҿа-шьаҿала ауааԥсыра разыҟаҵара ҳҭахуп. Уи аус хымԥада еиуеиԥшым аусбарҭақәа алахәхоит", — иҳәеит Аҩӡба.

🖇 Аԥсны Арбџьармчқәа аплантә аоператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит жьҭаара 12 инаркны. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иахьа аусбарҭабжьаратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит Очамчыра.

Аиқәырхаҩцәеи аруааи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ржәылареи, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан ауааԥсыра ралгареи, ааха ахҟьаԥҟьақәа раԥыхреи рысценари аус адырулон.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра.
#social
  • ❤ 1
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 15, 2026АК "Аԥсны" Амедиалига ахраҿа афиналбжахь имнеиӡеит. Аԥсуа команда Lit Energy 4:3 ҳәа ишаиа…
  2. Oct 15, 2026"Аԥсны" акоманда ахәмарҩы Алим Аиба аԥшьбатәи ампыл ҭаиршәуеит. Уажәы адәы иқәуп "ампыл ҟа…
  3. Oct 15, 2026Аҟәа араион Шыцкәаратәи ашкол ахь амҩа адгьылҳәазара иарбгеит. Ашкол аанда каҳаит, аш ҵнаӡ…
  4. Oct 15, 2026Аимҳәеи егьырҭ асезонтә чымазарақәеи рҿагыларазы алаҵақәа Аԥсны амбулатортә хәышәтәырҭақәа…
  5. Oct 15, 2026"Аԥсны" даҽа мпылк ҭанаршәит. Атабло аҿы 3:3. Ампыл ҭаиршәит Адель Рахмани. #social
  6. Oct 15, 2026Урыстәылатәи аилазаара "Адырра" алекторцәа Аԥсны 50 инареиҳаны аҵараиурҭақәа рҿы арккаратә…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →