Аԥсни Урыстәылеи аенергетика аусхк аҟны аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Аҩтәылак Иаку ренергетикатә система аусеицура алыршаразы ауснагӡатәқәа рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аԥсны аенергетика аминистр Баҭал Мышәбеи Урыстәыла аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчаки, абри атәы аанацҳауеит Аенергетика аминистрра.
Ашәҟәы рнапы аҵарҩит Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аиқәшаҳаҭра ихадоу аԥҟарақәа:
▪️аенергетикатә системақәа русеицура аҳәаақәҵара
▪️авариақәа раан аинырра
▪️апрофильтә усбарҭақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара ацхраара
Аиқәшаҳаҭра ԥхьаҟатәи аусеицуразы азинтә шьаҭа аԥнаҵоит, Аԥсны иҭышәынтәалоу фымцамчла аиқәыршәара иазырхоуп.
🖇 Sputnik Аԥсны — жәларбжьаратәи афорум "Аԥсны–ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" аинформациатә партниор хадоуп. Афорум аҟынтәи ажәабжьқәа шәрыцклаԥшлар алшоит ҳсаит аҿы.
Post #16642
41