24 шықәса зхыҵуа Таџьикисҭан атәылауаҩ Хабиб Рахмонов иԥсыбаҩ Гагра араион аӡымҽхак аҿы иԥшаауп.
Аԥсны АҶА ахь адырра ҟарҵеит аӡаҿы аԥсыбаҩ шгәарҭаз.
"Аҭыԥ ахь инеиз АҶА аусзуҩцәа аԥсыбаҩ аӡы дҭыргеит. Анаҩс аӡбара-медицинатә гәаҭарахь инашьҭын, ахҭыс зыхҟьаз ашьақәыргыларазы, уи ашьҭахь иҭахаз иуацәа ирыҭан", — ҳәа аҳәоит аусбарҭа анҵамҭаҿы.
Иара убасгьы, 55 шықәса зхыҵуа Урыстәыла атәылауаҩ Геннади Фурсов иԥшаара иацҵоуп. Аиқәырхаҩцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи акатерқәеи агидроциклқәеи рыла Гагра араион аӡымҽхаки аԥшаҳәатә цәаҳәеи гәарҭоит.
Хабиб Рахмонов хабарда дыбжьаӡит ҳәа дыԥхьаӡан цәыббра 17 инаркны.
Post #20862
24