Бадра Гәынба Аԥсны ахада иҟны иҟоу аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рабжьгаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит.
Аиԥылара иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, апартиа "Аԥсны жәлар ракзаара Афорум" аԥхьагыла Аслан Барцыц, апартиа "Амцахара" ахантәаҩы Алексеи Цыгәба, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Рреспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа, апартиа "Аиҭаира" ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Иулиан Бобуа.
"Иахьа салацәажәар сҭахын ҳҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу, еиҳа актуалра злоу азҵаарақәа, иахьа ҳҿаԥхьа иқәгылоу ааԥхьарақәа. Сара сзы акраҵанакуеит аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ргәаанагара азхьаԥшра — урҭ атәыла анапхгара ирыдгылозаргьы, аоппозициаҿы иҟазаргьы", — иҳәеит Бадра Гәынба.
Атәыла анапхгара, Гәынба иажәақәа рыла, аконструктивтә критика адкылареи иҵаҵӷәырку ажәалагалақәа рызхәыцреи, иара убас аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа ргәы иҵхо иарбанызаалак азҵаарақәа рылацәажәареи иазхиоуп.
Post #20953
30