TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 589 subscribers
Post #20980 37
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы 35-шықәса ахыҵра иазкны аныҳәатә еилатәара мҩаԥысит Аминистрцәа реилазаараҿы.

Аилак ахантәаҩы Оҭар Хьециа иҟаиҵаз адныҳәалараҿы иазгәеиҭеит аусбарҭа аҭоурых зегь реиҳа имариамыз аамҭақәа рзы имҩаԥысуаз аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара иузаҟәымҭхуа ишадҳәалоу.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан 21-ҩык аҳазалхыҩцәа руалԥшьа нагӡо рыԥсадгьыл рхы ахҭнырҵеит. Жәаҩык аусзуҩцәа Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы ранашьоуп. Иахьа аилак аҿы рмаҵзура иацырҵоит 36-ҩык аветеранцәа, урҭ рахьынтә 25-ҩык иаадырԥшыз агәымшәареи, агәаӷьреи, афырхаҵареи рзы аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьоуп.

"Ҳара ҳзы ари амш лаша иҩынтәтәиу ныҳәан иҟоуп. Традициала Аҳазалхҩы имш азгәаҭо, Аԥсны ажәлар зегьы ирыцазгәаҳҭоит ҳаҳҭнықалақь ахақәиҭтәра изаамҭанытәиу ашықәсхыҵра", — иҳәеит Хьециа.

Иара иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи ахәышықәса рыҩнуҵҟа ишьақәырӷәӷәаз аплантә рбагақәа инархырҳәҳәаны ареспубликатә биуџьет ахь амаҵзура аусура аҟынтәи 2,5 млрд мааҭ инареиҳаны аԥара шнеиз.

Аусбарҭа аҿиара иаҿуп: аелектронтә документеикәыршареи, заанаҵтәи адекларациаҟаҵареи, аҳазалхратә процедурақәа равтоматизациеи рахь аиасра мҩаԥысуеит, Урыстәылеи аусбарҭеи русеицура аҽарҭбаауеит, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа алагалахоит, аҳазалхратә хылаԥшра еиӷьтәхоит.
Telegram Sputnik Абхазия Торжественное заседание к 35-летнему юбилею ГТК Абхазии прошло в Кабмине. Председатель комитета Отар Хеция в своем поздравительном обращении отметил, что история структуры неразрывно связана со становлением абхазской государственности, которая проходила…
More from @sputnik_apsny_info
  1. Sep 29, 2026"Бабаду ишьҭаҵа улабашьа": аибашьҩы Алхас Гындиа иҭоурых Аԥсны аӷа данақәла, нанҳәа 14 199…
  2. Sep 28, 2026Хьыбла Гьерзмааԥҳа имҩаԥылго авокалистцәеи аконцертмеистерцәеи III Жәларбжьаратәи реицлабр…
  3. Sep 28, 2026Аԥсныҟа иаагоуп араионтә машьына-трактортә станциақәа рзы агьежьхарԥақәа актәи ахәҭа. Уи а…
  4. Sep 28, 2026РУСДРАМ-и Новосибирсктәи атеатр "Глобуси" арҿиаратә усеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Сан…
  5. Sep 28, 2026Очамчыра араион Џьал ақыҭа ахадара ахыбра ԥсаххоит, анаҩс аҿаԥшылара еиҿкаахоит. Уи алырша…
  6. Sep 28, 2026Очамчыра араион Џьал ақыҭан ҩ-баҟак аартын иахьа, абри атәы иҳәеит ақыҭа ахада Алиас Акаба…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →