"Бабаду ишьҭаҵа улабашьа": аибашьҩы Алхас Гындиа иҭоурых
Аԥсны аӷа данақәла, нанҳәа 14 1992 шықәсазы, Гагратәи арԥыс Алхас Оҭар-иԥа Гындиа арра маҵура дахысуан Аҟәа. Дахәҭакын аԥсуа гвардиа. Иара убри амш инаркны иалагоит 19 шықәса зхыҵуаз Алхас иеибашьратә мҩа.
"Ҳабжьы ҭыганы, "Бабаду ишьҭаҵа улабашьа" — ҳәа ашәа нагӡауа ацҳа ҟаԥшь аҟны ҳаннеи, ҳгәы ҳҽанӡамкәа аӷацәа ртанк ала иҳалахысуа иалагеит", — игәалаиршәоит Алхас аибашьра актәи амш.
Ажурналист Саида Жьиԥҳа аибашьҩы Алхас Гындиа изылкыз инарҭбаау аматериал аԥхьаразы ишәыдаҳгалоит.
#social
Post #21058
27
