2026 шықәса лаҵарамза инаркны нанҳәамзанӡа урыстәылатәи аҳаиреилахәырақәа Аԥсныҟа ииаргеит 114 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа.
2025 шықәсазтәи арбагақәа абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара еизҳаит — 64% рыла, абри атәы иҳәеит Росавиациа ахада Дмитри Иадров, Урыстәыла аиҳабыра рхантәаҩы Михаил Мишустини иареи реиԥылараан.
Уажәы Аҟәаҟа аԥыррақәа мҩаԥыргоит аҳаиреилахәырақәа ԥшьба 12 маршрут рыла.
Зынӡа лаҵарамзеи нанҳәамзеи ирылагӡаны урыстәылатәи аҳаиреилахәырақәа имҩаныргеит 39,5 миллионҩык апассаџьырцәа, урҭ рахьынтә 29,6 миллионҩык аҩнуҵҟатәи аҵакыраҿы, 9,9 миллионҩык – жәларбжьаратәи ареисқәа рыла.
Урыстәылантәи аҳаиреимадара иахьа 37 ҳәаанырцәтә ҳәынҭқарра ирымадоуп. Аԥхынтәи аамҭахәҭа иалагӡаны иаартын, еиҭашьақәыргылан аҳәаанырцәтәи ахырхарҭақәа жәпакы рахь ареисқәа, Египети, Танзаниеи, Шьамтәылеи уахь иналаҵаны.
🖇 Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәаза аусура хацнаркит 2025 шықәса лаҵара 1 азы.
#social
Post #21065
19