Маркәылатәи археологиатә експедициа иалахәу аԥсуа ҵарауаа хҩык ажәахәқәа рыманы иқәгылеит ХIII Урыстәылазегьтәи аҭҵаарадырра- практикатә конференциа "Агеоархеологиеи, археологиатә минералогиеи 2026" аҟны.
Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит археолог, Маркәылатәи аекспедициа аԥсуа ган анапхгаҩы, Аԥсуаҭҵааратә институт аҟазара аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ Сурам Сақаниа.
"Аԥсни Урыстәылеи агеоархеологцәеи аминералогцәеи русеицура 13 шықәса раԥхьа иалагеит. Сара хаҭала 2022 шықәса раахыс салахәуп, иара убас ажәахәқәагьы ҟасҵоит. Сынтәатәи сажәахә "Кавказты лимес. Колхида: аминералогиеи, архезоологиеи агеоинформациатә системақәеи иԥиам рдыррақәа" ахьӡын", — иҳәеит аҵарауаҩ.
Аконференциа иалахәыз аҵарауаа зегьы Аԥсны аӡбахә раҳаит ҳәа азгәеиҭеит иара.
🖇 ХIII Урыстәылазегьтәи аҭҵаарадырра- практикатә конференциа "Агеоархеологиеи, археологиатә минералогиеи 2026" мҩаԥысуан Челиабинсктәи аобласт ақалақь Миасс аҿы. Аконференциа рызкын — ажәытәтәи абжьарашәышықәсатәи аилазаарақәа ртехнологиақәеи аӡеи ранализ, агеоархеологиеи археометриеи рыпроблемақәеи аҭҵааразы аминерал-геохимиатә ҭҵааратә методқәа рхархәара аԥышәеиеи, археологиа абаҟақәеи хаз игоу артефактқәеи.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит Sputnik асаит аҟны.
#social
Post #21070
24