Жәлар рыкәашарақәа рфестиваль мҩаԥысуеит Ахақәиҭра ашҭаҿы.
Аусмҩаԥгатә Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира амшныҳәа аҳаҭыраз имҩаԥыргоит.
Уи иаҭааит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Минасиан, Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа, Аҟәа ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе.
Афестиваль иалахәуп аҳҭнықалақь азеиԥшҵаратә усҳәарҭақәа рҵаҩцәа. Урҭ Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵарақәа ирызку ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
Афестиваль еиҿнакааит — Аҟәа ахадара аҵара аусбарҭа.
Post #21073
21