Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ахәышәтәырҭақәа рҿы ахәшәқәа рхылаԥшразы ацифракра мҩаԥнагалоит. Абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Оҭырба.
Агәабзиарахьчара аминистрра анапхгара ҿыц ахәшәқәа ашәҟәы рҭагаларазы иаку ажурналқәа аларгалахьеит, агәаҭарақәа мҩаԥыргахьеит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Анаҩстәи аетап – асистема иаку сианы аҟаҵароуп.
Иара иажәақәа рыла, уи иалнаршоит ахәшәқәа рныхреи апациентцәа хәшәыла реиқәыршәаразы ахарџьқәеи рхылаԥшра.
Уажәы Агәабзиарахьчара аминистрра аспециалистцәа авидеоконференциақәа рзымҩаԥнагоит, аҭҵаарадырра-ҭҵааратә институтқәа рҟынтәи аметодикатә цхыраара роуеит.
Post #21072
19