Путин ахатәхаҿқәа ЕАЕС атәылақәа, Азербаиџьан, Таџьикисҭан, Узбекиcҭан рахь 1 млн мааҭ инареиҳаны напынҵала ралагалара азин ааникылеит ҳәа аҳәоит аусԥҟа.
Арахь иаҵанакуам Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра зсиа ҳәаақәырҵо аҳаирбаӷәазақәа рыла аԥара алгара, урҭ алызго ахаҿы иԥхьаӡамҭа аԥара шахыхыз шьақәзырӷәӷәо абанктә гәылҩаақәа имазар.
Аусԥҟа адҵа ҟанаҵоит аилагара аҭыԥ амазар аԥара рымырхырц.
Уаанӡа Урыстәыла ахатәхаҿқәа рзы алимит $100 нызқь ыҟан, аха аԥкрақәа Азербаиџьан, Таџьикисҭан, Узбекисҭан рыҵаркуамызт.
Post #21067
19