Аҟәеи Нижни Новгороди амуниципалбжьаратә усеицура аҿиаразы амҩатә хсаала ҿыц рнапы аҵарҩит.
Аусшәҟәы иарбоуп абарҭ ахырхарҭақәа:
◽️атуризм;
◽️ аҵара;
◽️акультура;
◽️аспорт;
◽️ аустә усеицура;
◽️ акадртә политика;
◽️ауаажәларратә халахатәнапхгара.
Амҩатә хсаала иҳәаақәнаҵоит анаҩстәи аусеицура ахырхарҭақәеи иалкаау аусмҩаԥгатәқәеи. Урҭ хәҭа-хәҭала инагӡахоит, иахьынӡаҭаху иааиԥмырҟьаӡакәа ахылаԥшра арҭалоит.
Post #21063
24