Хьыбла Гьерзмааԥҳа имҩаԥылго авокалистцәеи аконцертмеистерцәеи III Жәларбжьаратәи реицлабрахь азыҳәақәа рыдкылара иалагеит.
Иалахәхар рылшоит амузыкатә ҵара змоу артистцәеи амузыкатә ҵараиурҭақәа ирҭоу астудентцәеи. 20 шықәса инаркны 35 шықәса рҟынӡа зхыҵуа адунеи иарбан тәылазаалак ахаҭарнакцәеи, иарбан бжьызаалакьы зхоу зегьы азыҳәақәа аларҵар ҟалоит.
Аицлабра афиналистцәа ирзыԥшуп аԥаратә ҳамҭақәеи адебиуттә қәгыларақәеи.
Азыҳәақәа рыдкылара аартуп жьҭаара 1 аҟынӡа. Алҵшәақәа рылаҳәахоит жьҭаара 31 рзы.
🖇 Аконкурс мҩаԥысуеит акультуратә аԥшьгарақәа рзы Урыстәыла ахада ифонд ацхыраарала.
Post #21057
33