Очамчыра араион Џьал ақыҭа ахадара ахыбра ԥсаххоит, анаҩс аҿаԥшылара еиҿкаахоит.
Уи алыршахоит Аԥсны ақыҭақәа рырҿиаразы аҳәынҭқарра иазоунажьуа млн мааҭк иабзоураны. Абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит ақыҭа ахада Алиас Акаба.
Акаба инарҭбааны еиҭеиҳәеит џьалаа аҳәынҭқарра ирзоунажьуа аԥарақәа хархәашьас иарҭои, насгьы аҭыԥантәи ауааԥсыра цхыраарас иҟарҵои ртәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит Sputnik асаит аҟны.
🖇 Аҳәынҭқарратә программа "2026 шықәсазы ақыҭақәа рыҿиара" анагӡаразы қыҭацыԥхьаӡа 1 млн мааҭ рҟынӡа рзынарышьҭуеит амҩақәа реиҭашьақәыргылареи, асоциалтә хыбрақәа реиҭашьақәыргылареи реиқәыршәареи, акоммуналтә инфраструктура аҿиареи, ауаажәларратә ҵакырақәа ӡыла реиқәыршәареи реиҿкаареи рзы.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба иҟаиҵаз ақәҵара инақәыршәаны сынтәа Ақыҭа иашықәсны иԥхьаӡоуп.
#social
Post #21054
20