Урыстәыла аҟынтәи атехника ҷыда Аԥсны аҭара — ари апатуқәҵареи агәреибагаратә еизыҟазаашьақәеи ирдыргоуп иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Денис Мантуров.
Иара ихы алаирхәит 30 цыра атехника аимдара ацеремониа. Аԥсны иазаашьҭу атехника иаҵанакуеит: ацхырааралас амашьынақәа, АҶА-еи акоммуналтә маҵзурақәеи рзы атранспорт.
"Агәра ганы сыҟоуп ас еиԥш иҟоу агәцаракра ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара ишазеиӷьу", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Мантуров Аԥсны ауааԥсыра ирыдиныҳәалеит иааиуа аныҳәақәа— Аҟәа ахақәиҭтәра Амши Аиааира Амши.
Post #20977
18