TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 588 subscribers
Post #20858 28
Аԥсни Урыстәылеи рекспертцәа урыстәылатәи апаллиативтә цхыраареи апсихологиатә цхыраареи рстандартқәа аҭыԥантәи аҭагылазаашьақәа раршьцылара — аспециалистцәа разыҟаҵара инаркны аволонтиорцәа русура аҟынӡа – аҿырԥштәқәа ирылацәажәеит.

Аҟәа имҩаԥысит "Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны акраамҭатәи ахылаԥшреи апаллиативтә цхыраареи рсистемазы урыстәылатәи ахылаԥшреи апсихологиатә цхыраареи рстандартқәа" захьӡу астол гьежь ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Маиа Цыбулевскаиа иазгәалҭеит Аԥсны агеронтологиеи агериатриеи макьаназы ашьақәгылара аетап ишҭагылоу. Убри азы, лара лажәақәа рыла, еиҳарак ихадоуп урыстәылатәи рколлегацәа рыдгылареи рԥышәеи, аха убри аан, ареспублика аҷыдара ҳасаб азуны.

"Ихиоу ақәыԥшылақәа ыҟаӡам", — ҳәа азгәалҭеит ставропольтәи аиҿкаара "Ажәра гәырӷьароуп — Ставрополь" анапхгаҩы Татиана Василиева.

Дара хәышықәса ҵуеит хазхаҭалатәи ахылаԥшратә системақәа раԥҵареи аспециалистцәа ааԥсара рацәыхьчареи рнапы алакуижьҭеи.

Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Оҭырба ишиҳәаз ала, уаанӡа зықәрахь инеиз рбара-реиҷаҳара еиҳарак аҭаацәа рыҩнуҵҟа акәын иахьымҩаԥысуаз. Уажәы иҳәынҭқарратәиуи иҷыдоуи амаҵзурақәа рыҿиара аҭахны иҟалеит.

Ацәажәара рхы аладырхәит аволонтиорцәа раҳасабала аҵареи аусуреи иазхиоу ашколхәыҷқәеи астудентцәеи.

Аусмҩаԥгатә, ИИАЕ "Ажәра гәырӷьароуп — Ставропольи" Урыстәылатәи Афедерациа ахада игрантқәа Рфонди рыцхыраарала имҩаԥысуа апроект "Агәцаракра аҵакыра" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿыркааит.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Sep 24, 2026Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы иҟалаз амцакра дырцәеит ҳәа адырра ҟаиҵеит АҶ рминистр Алиас Аҩӡба. Ам…
  2. Sep 24, 2026Аҳабла ҿыц аҟны амца зкыз акоммерциатә хыбра ахәҭак еилаҳаит ҳәа Sputnik ахь адырра ҟаиҵеи…
  3. Sep 24, 2026Аҟәа Аҳабла ҿыц аҟны ахыбра абылара иаҿуп. Амцарцәаҩцәа аҭыԥ аҿы иҟоуп. Аԥсны Аҭагылазаашь…
  4. Sep 24, 2026Ахәыҷтәы шәҟәыҩҩы, афилолог, апсихолог Анна Гончарова Аҟәа иҟоу ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҟны…
  5. Sep 24, 2026Лыԥсҭазаара далҵит Владимир Высоцки иԥшәмаԥҳәыс, актриса, ашәаҳәаҩ Марина Влади. Лара 88 ш…
  6. Sep 24, 2026Апартиа "Иаку Урыстәыла" еиҳа адгылара ҳаракы арҭеит Аԥсны, Белоруссиа, Аахыҵ Уаԥстәыла, М…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →