40 шықәса зхыҵуа Курсктәи аобласт ауаҩԥсы 300 нызқь мааҭ ишәар акәхоит аҳәынҭмаӡа ахьчаразы, Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵара аҭахрақәа еилаганы Аԥсныҟа ԥсшьара ацара иҽахьазишәаз азы.
Ахаҵа идыруан уаанӡа аҳәынҭқарратә маӡа адырраз алшара ахьимаз азы, Урыстәыла алҵразы аус зуаз аԥкра атәы. Ус шакәызгьы Аԥсны аҳәааҿы дааны ахысра иҽазишәеит.
Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аусзуҩцәа азакәанԥҵара аилагараз аҽазышәара аԥдырҟәҟәааит.
Краснодартәи аӡбарҭа ахара иднаҵеит, ахараԥса азаԥҵәа ҟанаҵеит.
Post #20859
24