TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21217 34
Аԥсны бзиа абаразы алшарақәа рацәан иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков.

Иара иҳәеит ареспубликаҿы еиқәханы иҟоу амозаикақәа азҿлымҳара шизцәырырго — аангыларҭақәа, ахыбрақәа рҿыԥшылараҿ, уимоу ақыҭақәа рҿгьы.

"Амозаика аԥшӡара, ҳәарада, уаршанхоит. Аԥштәқәагьы, анагӡара ахаҭабзиарагьы", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Адипломат дазааҭгылеит Аҟәа архитектуреи ажәытә хыбрақәеи, иара иажәақәа рыла, ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, ацивилизациақәа акымкәа-ҩбамкәа реимадара ашьклаԥшра ахьалшо.

Хазы Гладков иазгәеиҭеит атеатрқәеи аҭыԥантәи ауааԥсыра амузыкахь ирымоу абзиабара атәы.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 9, 2026"Ари амшгьы цеит ашьшьыҳәа, Имҳәа-мырӡакәа рацәак. Инеихызгеит саргьы "акы" ҳәа, Сыҿҳәара…
  2. Oct 8, 2026V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи аҵаратә цәыргақәҵа мҩаԥгахоит Аҟәа, жьҭаара 14-16 рзы…
  3. Oct 8, 202614,5 нызқь инареиҳаны авагонқәа Аԥсны аихамҩала ианысит жәымз ирылагӡан. Аиҳарак арацәа зҭ…
  4. Oct 8, 2026Анаркотикқәа закәаншьаҭада рыҵәахразы х-фактк аадырԥшит Аҟәа амҩақәа рҿы ареид аан ҳәа аан…
  5. Oct 8, 2026Ацәыргақәҵа "Варвара Бубнова лдунеи" аатуеит жьҭаара 9 рзы Пушкин иҳәынҭқарратә музеи аҟны…
  6. Oct 8, 2026Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа Ҭаҭарсҭан Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 35…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →