TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21361 28
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа Ҭаҭарсҭан Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 35 шықәса ахыҵра азгәаҭара ихы алаирхәит.

Џьапуа идагьы Аԥсни, Узбекистани, Ҟазахсҭани, Кыргызсҭани, Беларуссиеи, егьырҭ атәылақәеи рхаҭарнакцәа злаз аҳәаанырцәтәи асасцәа дырԥылеит ареспублика аиҳабыра араис Русҭам Минниханов, абри атәы аанацҳауеит ААР апресс-маҵзура.

Џьапуа иара убас аиубилеитә еилатәараҿы дықәгылеит. Адныҳәаларатә ажәаҿы иара иазгәеиҭеит Аԥсни Ҭаҭарсҭани рыбжьара аиҩызаратә еимадара ӷәӷәақәа, урҭ шьҭарҵеит ҩ-республикак раԥхьатәи рхадацәа — Владислав Арӡынбеи Минтимер Шаимиеви.

Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада иазгәеиҭеит, ареспублика Аԥсны адгылара шанаҭоз аибашьра ашықәсқәа раан, иахьа аусеицура аҿиара ишаҿу еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла, аҭҵаарадыррагьы налаҵаны.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 10, 2026Ростов — Батаиск ирыбжьаркуа аихамҩатә цҳа ааха аҭоуп адронқәа ржәылара иахҟьаны, абри атә…
  2. Oct 10, 2026🏇🏿Аԥсны ахада Ихраҿа агаразы аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа хацыркуп. Алахәылацәеи асасцәеи…
  3. Oct 10, 2026Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа Аҟәеи Аԥсны егьырҭ ақалақьқәеи рыҿиара аҽалархәра иазхиоуп иҳәеит…
  4. Oct 10, 2026Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархә…
  5. Oct 10, 2026Ҭагалан — Аԥсны аԥсшьаразы иаамҭа бзианы ишьоуп. Ҭагалантәи Аԥсны иҷыдоу аԥшӡара амоуп, ам…
  6. Oct 9, 2026Владимир Путини Дональд Трампи ҭелла еицәажәеит. Урыстәылеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи рхад…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →