Ҭагалан — Аԥсны аԥсшьаразы иаамҭа бзианы ишьоуп.
Ҭагалантәи Аԥсны иҷыдоу аԥшӡара амоуп, амшын акәзар аԥхын еизнакыз аԥхарра шамац иамоуп, амрагьы каххаа иԥхоит. Ашьхарахь аҳауа ахьшәашәара шаҵоугьы амшын иахьаԥну иԥхарроуп.
▪️Ҭагалан ареспублика аҭааҩцәа ирбар рылшоит ԥшшәы рацәала иҽырбо аҵиаа, зышәҭра миасыц ашәҭқәа, анаҟә зыхиаало Риҵа, еибарыҩуа амшын иазнеиуа ашьха ӡиасқәа.
▪️Аԥсны ҭагалан ақалақь аџьырмыкьаҟны иҟоуп зеиуахк уҭаху ашәыр, аргәыц. Ҭагалан иҟалоит акиви, афеихоа, ахәырма. Ахыжәлақәа ҟарҵоит аџьынџьыхәа, алаҳарҩа, ақалмышь азы аҩызла ҭарҭәоит.
▪️Есышықәса, Лыхны ақыҭан имҩаԥыргоит аҽаҩраныҳәа- "Лыхнашҭа". Абри аҽны аҽыҩҷкәынцәа еиндаҭлоит, иеивагьыжьуа икәашоит аҿар, инарыгӡоит аԥсуа шәақәа, арахь ицәырыгоит анапкымҭа ссирқәа.
▪️Иара убас ҭагалан имҩаԥыргоит акультуратә уснагӡатәқәа рацәаны. Аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи ауарӷантә хәылԥазқәеи, аклассикатә фестивальқәеи рҭааразы алшара рымоуп, аԥсуеи аурыси ртеатрқәа асезон ҿыцқәа аадыртуеит.
#social
Post #21395
19
