Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 560 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Астрахантәи, Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Волгоградтәи, Калугатәи, Курсктәи, Орловтәи, Липецктәи, Пензатәи, Ростовтәи, Самаратәи, Саратовтәи, Смоленсктәи, Тамбовтәи, Тулатәи аобластқәа рҿы.
Иара убасгьы, аппаратқәа карыжьит Москватәи арегион, Ҟрым, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.
Post #21396
27