TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21414 27
Ацәыргақәҵа "Варвара Бубнова лдунеи" аатит Москва, Пушкин ихьӡ зху аҳәынҭқарратә музеи аҿы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа.

Ацәыргақәҵа асахьаҭыхҩы ду, аграфик, аурыс авангард ахаҭарнак диижьҭеи 140 шықәса аҵра иазкуп.

Аусмҩаԥгатә аартра иалахәын ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа.

Иапониа акыр шықәса лыԥсҭазаара ашьҭахь, Бубнова Аҟәаҟа нхара ҳәа дааит, араҟа аҭыхымҭа ҿыцқәа аԥылҵон, ацәыргақәҵақәа дрылахәын.

Ицәырган — аҿыханҵа, аграфика, адокументалтә фотоматериалқәа, иара убас Пушкин иҩымҭақәа ирызку Бубнова лсахьақәа.

🖇 Ацәыргақәҵа аартызаауеит ԥхынҷкәын 20 рҟынӡа Пушкин ихьӡ зху аҳәынҭмузеи аҿы, аҭыӡҭыԥ — Пречистенка амҩа, 12/2.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 11, 2026Ҭагалан хьҩеижь асимволқәа ируакуп — аҟаб. 320 кьыла зкапануа аҟаб ӡыргоуп иахьа Лыхны имҩ…
  2. Oct 11, 2026Лыхны "Аҽаҩраныҳәа" иалагеит. Аныҳәа иалахәуп Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи, Афон ҿыц ақалақьи.…
  3. Oct 11, 2026Шәача аҳаирбаӷәаза аусура еиҭахацыркуп аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа аԥҽыхақәа ркаҳара ашьҭах…
  4. Oct 11, 2026Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа аԥҽыхақәа каҳаит Шәача аҳаирбаӷәаза аҵакыраҿы, абри атәы аанацҳ…
  5. Oct 11, 2026Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархә…
  6. Oct 11, 2026Аԥсны Арбџьармчқәа аԥҵоижьҭеи 34 шықәса ҵит. 1992 шықәса жьҭаара 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ах…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →