TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21415 20
Аԥсны Арбџьармчқәа аԥҵоижьҭеи 34 шықәса ҵит.

1992 шықәса жьҭаара 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Владислав Арӡынба Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит.

Ари арыцхә — Аԥсны Арбџьармчқәа рымш ҳәа иԥхьаӡоуп — Аԥсны ар аира иамшуп.


Аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачлиа ишәҟәы "Инаӡаӡоу агәалашәара ашәҟәы" (1997) аҟны иҩуеит 1992 шықәса нанҳәа 18 рзы Владислав Арӡынба инапхгарала Атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵан ҳәа.

"Аилак анапаҵаҟа еидкылан атәылахьчараз амчра зегьы. Атәылахьчара аминистрра анеиҿыркаа, аминистрс дҟаҵан Владимир Аршба, Аԥсны Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩс далхын аполковник Виктор Какалиа, аштаб аиҳабыс – 1992 шықәса нанҳәа 15 рзы хатәгәаԥхарала Аԥсныҟа еибашьра иааз аполковник Сулҭан Сосналиев, Гәымсҭатәи ахьчаратә цәаҳәа адҵаҟаҵаҩс дҟаҵан амаиор Мушьни Хәарцкьиа, аполковник Сергеи Дбар Бзыԥтәи ахьчаратә цәаҳәа адҵаҟаҵаҩс дыҟан", — иҩуеит аҵарауаҩ.

Аштаб хада аиԥш реиҿкаара иалагеит анапхгараҭарақәа, аҟәшақәа, амаҵзурақәа. 1992 шықәса жьҭаара 28 рзы иаԥҵан Арбџьармчқәа рҟны атыл амаҵзура, абџьари атехникеи рнапхгараҭара, амедицинатә маҵзура.

"Аибашьраан Атәылахьчара аминистрра аилазараҿ иаԥҵан аррамаҵзурауаа аус рыдызуло аинститут, нас уи акомиссарцәа ринститут ҳәа еиҭакын. Аԥсны Арбџьармчқәа ркомиссарс дҟаҵан аполковник Сергеи Шамба", — абас аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачлиа ишәҟәы аҟны иарбоуп.

Ажьырныҳәа 8 1993 шықәсазы Иреиҳаӡоу ахеилак Апрезидиум аҿы ирыдыркылеит ақәҵара — Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум ахантәаҩы Владислав Арӡынба — Аԥсны Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хадас иҟаҵаразы.
#social
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 11, 2026Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа аԥҽыхақәа каҳаит Шәача аҳаирбаӷәаза аҵакыраҿы, абри атәы аанацҳ…
  2. Oct 11, 2026Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархә…
  3. Oct 10, 2026Ацәыргақәҵа "Варвара Бубнова лдунеи" аатит Москва, Пушкин ихьӡ зху аҳәынҭқарратә музеи аҿы…
  4. Oct 10, 2026Харитон Агрба WBA аверсиала аамҭалатәи адунеи ачемпионс дҟалеит. Агрбеи Заур Абдуллаеви еи…
  5. Oct 10, 2026РУСДРАМ апремиа "Звезда Театрала-2026" ашорт-бӷьыц иарбоуп. Искандер ихьӡ зху атеатр "Аҳәа…
  6. Oct 10, 2026Аԥсны ахада Ихраҿа агаразы аҽырыҩраҿы аиааирақәа згаз аҳамҭақәа ранеишьеит Бадра Гәынба. А…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →