TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21409 23
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Ихраҿа агаразы 2400 метра абжьаӡара аҽырыҩраҿы аиааира агеит аҽыбӷаҟаза Иури Кулинич дзықәтәаз аҽы Инкрустатор.

Аҽы аԥшәма — Иури Хагәышь ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы.

Аҽырыҩраҿы аиааирақәа згаз Ахраҿа ранеишьеит Бадра Гәынба.

Егьырҭ аҽырыҩрақәа рҟны аԥхьахәқәа ргеит:

▪️3200 метра абжьаӡара аҽырыҩра: аҽы — Драгон Кид, аҽыбӷаҟаза — Мырзабек Каппушев, аԥшәма — Нодар Ҵышәба.

▪️2000 метра абжьаӡара аҽырыҩра: аҽы — Британец, аҽыбӷаҟаза Мырзабек Каппушев, аԥшәма — Баграт Ажьиба.

▪️1800 метра абжьаӡара аҽырыҩра: аҽы — Аԥсны Рефлекс. аҽыбӷаҟаза — Иури Кулинич, аԥшәма — Иури Хагәышь.

▪️1400 метра абжьаӡара аҽырыҩра: аҽы — Аԥсны-Ривиер, аҽыбӷаҟаза — Мырзабек Каппушев, аԥшәма — Леуарса Агрба.

▪️Аҵәеигәыдҵаразы аиндаҭлара аҿы аиааира агеит Ҟәланырхәатәи аҽыбӷаҟазацәа.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 11, 2026Адомбеиқәа хԥа Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсаррахь иааргоит ашықәс нҵәаанӡа. Адомбеиқәа хԥа Аԥс…
  2. Oct 11, 2026Иштәоу иԥсылахо аҟаб, апатырқал-ԥшшәы змоу, уаа-шәҩык зҭачаша ар рычуан ду иаҟароу, џьгьар…
  3. Oct 11, 2026"Лыхнашҭа" — аԥсуа жәлар рҽаҩра иақәныҳәарц, аҿамаҿа агьама еибадырбарц имҩаԥырго ныҳәоуп…
  4. Oct 11, 2026Амилаҭтә спорт хәмаррақәа рҟны рхы ԥыршәоит аҽаҩраныҳәа "Лыхнашҭа" иалахәу. Ҷыдала — ахыци…
  5. Oct 11, 2026Ажәытәан аԥсуа џьыкҵәаҵәа аҳаҟьаҟны ишыҟарҵоз иҟасҵоит, — лҳәоит Дәрыԥшь ақыҭантәи аҽаҩран…
  6. Oct 11, 2026Ажьырӡы, амца, ашыла, нас ақалмышь. Ақалмышь аԥсуаа аныҳәақәа рзы аишәа иқәдыргыло ахаатә…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →