"Лыхнашҭа" — аԥсуа жәлар рҽаҩра иақәныҳәарц, аҿамаҿа агьама еибадырбарц имҩаԥырго ныҳәоуп иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба.
Гәынба ақыҭақәа рашҭақәа зегьы дырҭааит, аныҳәа алахәылацәеи асасцәеи зегьы ирыдиныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аизҳара, аинҭәылара.
Аԥшәмацәа амилаҭтә маҭәа рышәҵаны асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа ирԥылеит, рчеиџьыка агьама ддырбоит, еиқәныҳәоит. Дара рашҭақәа абыцала ишшны, аҿамаҿа иҭаргалаз ашәыри ауҭраҭыхи рыла ирԥшӡан иҟарҵеит. Анхацәа ицәырыргеит амилаҭ чыс, аҩы, ауаҭка, ашәыр, ауҭраҭых.
🖇 Аҭоурыхтә дәы Лыхнашҭа аҿы традициала имҩаԥысуа Ҽаҩраҭагалан аныҳәа 1984 инаркны есышықәса имҩаԥысуеит. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәуеит Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи Афон ҿыци.
#social
Post #21430
30