Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа Аҟәеи Аԥсны егьырҭ ақалақьқәеи рыҿиара аҽалархәра иазхиоуп иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков.
Иара иазгәеиҭеит ақалақьи ареспублика ахаҭеи шџьашьахәу, ганрацәала ишеилоу.
"Аҟәа ақалақьи ареспублика егьырҭ аиланхарҭақәеи рыҿиара аҽалархәразы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа азинмчхарақәа рҳәаа иҭагӡаны иалшо зегь ҟасҵар сҭахуп", — ҳәа иҩуеит Гладков.
Post #21397
28