Ахәыҷы иқәымчра иазку ахҭысқәа рҟны иҟоуп аҭагылазаашьақәа ахәыҷы иҭаацәа рҿы ианиқәымчуа, анаҩс иара иеиҳа зымч маҷу дыԥшааны диқәыӷәӷәарц даналаго ахҭысқәа ҳәа арадио Sputnik аҟны илҳәеит ахәыҷҭәы омбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳа.
"Ҳәарада, ахҭысқәа еиԥшӡам. Иҟоуп ааӡара згугьы, иҟоуп аԥышәа змам аҭаацәагьы. Иаразнак ахәыҷы зегьы ихаратәра иашаӡам. Иҟалаз ахҭыс амзыз ҭымҵаакәа, изыхҟьо еилымкаакәа азҵаара ӡбашьа амаӡам", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Ахәыҷҭәы омбудсмен иара убасгьы иазгәалҭеит, аҭаацәа рхәыҷқәа иаартны рацәажәара, аӡәы иқәымчра шыҟамло деилыркаара, ианаҭахха апсихолог идҵаалара шхымԥадатәиу атәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәахәаԥшыр ҟалоит абра.
#social
Post #21391
37