TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21363 15
Анаркотикқәа закәаншьаҭада рыҵәахразы х-фактк аадырԥшит Аҟәа амҩақәа рҿы ареид аан ҳәа аанацҳаит Аԥсны АҩАР.

Иара мҩаԥысуан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут хаҭалатәи ихылаԥшрала. Аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аоперативтә ҟәшақәеи иҷыдоу ирццаку аҭакҟаҵаратә гәыԥ (СОБР) аусзуҩцәеи.

Ареид амҩаԥгараан 87 машьына рсаркьақәа арлашьцагақәа рымырхит. Ирыԥшааит 11-ҩык арыжәтә ыжәны иҟаз амашьынарныҟәцаҩцәа — урҭ аҭакԥхықәра рыдҵан, амашьынаныҟәцара азин рымхын.

Административтә зинеилагарақәа рзы 271 ԥкаанҵа еиқәыршәан. Жәҩык Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭахь инаргеит рхаҭара ашьақәыргыларазы.

АҩАР аҟны ирҳәеит аҳҭнықалақь аҿы асеиԥш иҟоу агәаҭарақәа иааиԥмырҟьаӡакәа ишымҩаԥгахо.

Хазы ахшыҩзышьҭра арҭарц ргәы иҭоуп уахынла амҩатә ԥҟарақәа реилагара. Аҳҭнықалақь Аҳабла ҿыц аҿгьы ахылаԥшра дырӷәӷәоит — уахь амч цҵақәа дәықәырҵоит.
  • 🔥 1
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 8, 2026V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи аҵаратә цәыргақәҵа мҩаԥгахоит Аҟәа, жьҭаара 14-16 рзы…
  2. Oct 8, 202614,5 нызқь инареиҳаны авагонқәа Аԥсны аихамҩала ианысит жәымз ирылагӡан. Аиҳарак арацәа зҭ…
  3. Oct 8, 2026Ацәыргақәҵа "Варвара Бубнова лдунеи" аатуеит жьҭаара 9 рзы Пушкин иҳәынҭқарратә музеи аҟны…
  4. Oct 8, 2026Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа Ҭаҭарсҭан Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 35…
  5. Oct 8, 2026Адомино азы адунеи ачемпионат Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп 2027 шықәсазы. Ари аӡбамҭа еицҿакны…
  6. Oct 8, 2026"Аԥсны акоманда" афиналистцәа Баграт Торчуеи Амина Акабеи рзы аицлабра рымчқәа ԥышәаны рып…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →