Адомино азы адунеи ачемпионат Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп 2027 шықәсазы.
Ари аӡбамҭа еицҿакны адгылара арҭеит Жәларбжьаратәи адомино афедерациа ассамблеиа хада алахәылацәа ҳәа аанацҳауеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы.
Атурнир аҽазыҟаҵара, Аԥсны ачемпионат алахәхара иазҿлымҳау еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи афедерациақәа рҽаладырхәуеит ҳәа иазыԥшуп.
Сынтәатәи ачемпионат уаҵәы ихацыркхоит испаниатәи ақалақь Салоу аҿы. Иара еизнагоит 800-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны ахаҭарнакцәа Саид Ашәбеи Алмас Габуниеи.
Post #21360
22