Ацәыргақәҵа "Варвара Бубнова лдунеи" аатуеит жьҭаара 9 рзы Пушкин иҳәынҭқарратә музеи аҟны ҳәа аанацҳауеит Москватәи аԥсуа диаспора.
Аартра мҩаԥгахоит асааҭ 17:00 рзы. Ацәыргақәҵа асахьаҭыхҩы ду, аграфик, аурыс авангард ахаҭарнак диижьҭеи 140 шықәса аҵра иазкуп.
Иапониа акыр шықәса лыԥсҭазаара ашьҭахь, Бубнова Аҟәаҟа диасит, уаҟа аҭыхымта ҿыцқәа аԥылҵон, ацәыргақәҵақәа дрылахәын.
Аекспозициаҿы ицәыргахоит аҿыханҵа, аграфика, адокументалтә фотоматериалқәа, иара убас Пушкин иҩымҭақәа ирызку Бубнова лусумҭақәа.
Post #21362
27